Аԥсны жәлар рҟазацәа аҩбатәи рреспубликатә фестиваль "Ахьынапқәа" мҩаԥысуеит аҳҭнықалақь аҿы нанҳәамза 26 рзы. Иара еиднакылоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа знапы рылаку анапҟазацәа. Дара ироуеит алшарааҭааҩцәа рҿаԥхьа русумҭақәа рцәыргара анаҩсгьы аҭира.
Аԥара, аӡахра хныҟәгагас иҟазҭгьы Аԥсны аибашьра анцоз, уи ашьҭахьтәи иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы, анаҩс иԥсыршьаганы иҟалеит лҳәеит арадио аефир аҟны Лиудмиа Кәарҷиаԥҳа.
"Аҳәынҵәра аҿаҵашьа ззымдыруа дрыцҳами аӡӷаб. Уи ишьҭызымкаауагьы ыҟоуп, аха ишьҭызкаауа, аҟыбаҩ бзиа злоу дгәаҭаны, далкааны иурҵароуп. Ашкол аҟны ус еиԥш иҟоу азнеишьа ҷыда рымазар, ихәарҭоуп даара", - азгәалҭеит лара.
Ацәыргақәҵа - аҭирҭа аус аулоит асааҭ 11 инаркны 19-нӡа нанҳәа 26 рзы.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.