Аԥсны

Иапониатәи ақәԥаратә ҟазара амастер-классқәа мчыбжьык Аԥсны имҩаԥыргалоит

Аԥхынтәи будо ашкол "Сухум-кале" Аԥсны имҩаԥысуеит ареспублика аикидо Афедерациа аԥшьгарала 2008 шықәса раахыс.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иапониатәи ақәԥаратә ҟазарақәа аикидо, дзедо, кендзиуцу рзы амастер-классқәа Аԥсны имҩаԥыргоит нанҳәа 22 - 28 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит дзедо европатәи Афедерациа урыстәылатәи аҟәша административтә директор Андреи Мариенков.
Иара иажәақәа рыла, аԥхынтәи ашкол апрограммала мышкы аҩныҵҟа ԥшьба-хәба ҽазыҟаҵара мҩаԥысуеит.
1 / 8

Иапониатәи ақәԥаратә ҟазара амастер-классқәа амчыбжь аҩныҵҟа Аԥсны имҩаԥыргалоит

2 / 8

Иапониатәи ақәԥаратә ҟазара амастер-классқәа амчыбжь аҩныҵҟа Аԥсны имҩаԥыргалоит

3 / 8

Иапониатәи ақәԥаратә ҟазара амастер-классқәа амчыбжь аҩныҵҟа Аԥсны имҩаԥыргалоит

4 / 8

Иапониатәи ақәԥаратә ҟазара амастер-классқәа амчыбжь аҩныҵҟа Аԥсны имҩаԥыргалоит

5 / 8

Иапониатәи ақәԥаратә ҟазара амастер-классқәа амчыбжь аҩныҵҟа Аԥсны имҩаԥыргалоит

6 / 8

Иапониатәи ақәԥаратә ҟазара амастер-классқәа амчыбжь аҩныҵҟа Аԥсны имҩаԥыргалоит

7 / 8

Иапониатәи ақәԥаратә ҟазара амастер-классқәа амчыбжь аҩныҵҟа Аԥсны имҩаԥыргалоит

8 / 8

Иапониатәи ақәԥаратә ҟазара амастер-классқәа амчыбжь аҩныҵҟа Аԥсны имҩаԥыргалоит

"Аикидо – бџьардатә ҟазароуп, кензиуцу-иапониатәи аҳәа иахыҵхырҭоу ҟазароуп, дзедо –алабашьа иахыҵхырҭо ҟазароуп. Аиҳарак алаҵәара амоуп – аикидо. Абџьартә ҟазара аҩныҵҟатә ҭагылазаашьа, аҩныҵҟатә ҟазшьа ацзароуп", - иҳәоит Мариенков.
Аԥснытәи аикидо Афедерациа атехникатә директор Алексеи Карчаа иазгәеиҭеит, асеиԥш иҟоу амастер-классқәа Аԥсны ақәԥаратә ҟазара аҿиара ишацхраауа.
"Асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа ҳҽырзыҟаҵо ҳара ҳаҩныҵҟатә лшарақәа ҳарӷәӷәоит, аинформациа еимаадоит. Еиуеиԥшым арегионқәа арахь иаауеит, дасу ихазы иҿыцу акы ибоит", - иҳәеит иара.
Карчаа иҳәеит Аԥсны аикидо, дзедо, иаидо макьаназ алаҵәара душ рымам.
Арадио
Аиба аикидо иазкны: ԥсыршьагоуп