Урыстәыла Донбасстәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа жәаба-жәаба нызқьмааҭ рызшәахоит

Зныктәи ашәарақәа рыҭахоит Донбасс ашкол ахь ицо рҭаацәа ма ахәыҷқәа рофициалтә хаҭарнакцәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин атәыла аиҳабыра анапынҵа риҭеит ДЖәР-и, ЛЖәР-и, Запорожиетәи, Харьковтәи, Херсонтәи аобластқәа рҿы ашколқәа рахь ицо 6-18 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рҭаацәа жәаба-жаба нызқь мааҭ рзыршәарц азы. Абри атәы аҳәоит Кремль асаит.
Иазгәаҭоуп, иарбоу аҵакырақәа рҿы ашәарақәа шроуа цәыббра 15 2022 шықәса иахымгакәа.
Анапынҵа анагӡаразы аҭкԥхықәра идуп Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин.