АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik. Урыстәылауаа ҩыџьеи Аԥсны атәылауаҩи аахақәа роуит Гагра иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Амҩатә машәыр ҟалеит ахықәшаратә мҩаду аҟны, х-машьынак ааихеит.
"Амҩатә машәыр иахҟьаны ааха ӷәӷәа роуит ҩыџьа урыстәылауааи Аԥсны атәылауаҩи. Дара Гагратәи ахәшәтәырҭахь инагоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Даҽа жәаҩык ибаргәым ахәахәарақәа роуит.