Запорожиетәи АЕС аангылара ЕЕ ахь афымцамчнеира анырра анаҭоит ҳәа рҳәоит амчрақәа

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла аҵыхәтәантәи амчыбжь азы УАМ мраҭашәараа ирырҭаз абџьар ала Запорожиетәи АЕС иаехсуеит, ари арыцҳара ду ахылҿиаар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik. Европа иреиҳау Запорожиетәи АЕС УАМ иахьеихсуа иахырҟьаны иаангылар, уи Украина аенергетикатә баланс ианыруеит, уи инадҳәаланы ЕЕ ахь афымцамч анеирагьы еиԥнарҟьоит. Абри атәы иҳәеит Запорожиетәи аобласт ахадара Ахеилак алахәыла Владимир Рогов РИА Новости аинтервиу аҭо.
"Украинатәи аган еиԥымҟьрада Запорожиетәи АЕС иахьеихсуа Украина аенергетикатә баланс ианыруеит, уи инадҳәаланы ЕЕ ахь афымцамч анеирагьы еиԥнарҟьоит. Украина атәыла-експортиорны аҟазаара ацынхәрас тәыла-импортиорхоит", - иҳәеит Рогов.
Запорожиетә атомтә фымцастанциа Днепр армарахьтәи аган аҿы игылоуп, Енергодар ааигәара. Хәажәкырамзаахыс урыстәылатәи аруаа ирыхьчоит аиадертәии арадиоактивтәии маҭәашьарқәа аҳауа ралалара аԥырҟәҟәааразы. Украинатәи аруаа Енергодари ааигәатәи ақыҭақәеи ишрылахысыц ирылахысуеит.