Аԥсны

Аԥснытәи абитуриентцәа Нижегородтәи абызшәадырратә ҵараиурҭа имарианы иҭалар рылшоит

Аҳҭнықалақь анапхгара аделегациа Аҟәа аиашьаратә қалақьқәа Нижни Новгороди Чебоксари аусутә еилацәажәарақәа рзы иаҭааны иҟан.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik. Аԥснытәи абитуриентцәа Нижегородтәи абызшәадырратә ҵараиурҭа имарианы аҭаларазы алшара роуеит. Абри азы аиҿцәажәарақәа мҩаԥнагеит аԥсуа делегациа Алада Новгород ианыҟаз, аанацҳауеит Аҟәа ахадара асаит.

"Аԥснытәи аҿар ааҩык апрограмма "Аџьынџьуаа" ала Нижегородтәи абызшәадырратә ҵараиурҭа аҭаларазы алшара роуеит. Аҵараҵара хәыда-ԥсадоуп, азеиԥшнхарҭаҟны ауада рыҭахоит", - иҳәеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

Кәарҷиа иазгәеиҭеит Урыстәылатәи абызшәадырратә ҵараиурҭақәа рыбжьара Нижегородтәи ауниверситет аҩбатәи аҭыԥ шаннакыло.
Аҭаларазы иаҭаху азы еиҳа инарҭбаау аинформациа шәоурц шәылшоит аҳҭнықалақь Аҵара аусбарҭаҿы.