Аԥсны

350 нызқьҩык атуриcтцәа сынтәа Пицунда иаҭаахьеит

Пицунда апансионатқәеи, асасааирҭақәеи, аотель маҷқәеи зегьы кәапеишәа иҭәуп, заа иаҿоумҵакәа иҭацәу ҭыԥкгьы узыԥшаауам.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. 350 нызқьҩык атуриcтцәа сынтәа Пицунда иаҭаахьеит. Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит ақалақь ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Дауҭ Ҩардан.
Уи иажәақәа рыла, акурорт ахь сынтәа ԥсшьара иааит ҵыԥх аасҭа 17% рыла еиҳаны.
"Ҳшазыԥшыз еиԥш, 2022 шықәса атуристтә аамҭа ҳаргәырӷьеит атуристцәа рацәаны иахьааз азы. Инықәырԥшу адыррақәа рыла, Пицунда иаҭааит 350 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа, урҭ есышықәса аизҳара иаҿуп", - иҳәеит Ҩардан.
Иара иажәақәа рыла, уажәы аԥсшьарҭақәа зегьы ҭәуп, заа иаҿоумҵакәа иҭацәу ҭыԥкгьы узыԥшаауам.
Ҩардан иажәа иацҵо иҳәеит аҭыԥантәи аиҳабыра ҷыдала аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара ишазхәыцуа.