Аԥсны

Аҟәа араион Ачадара ақыҭан аҳаскьын ҩа амца акит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Аҟәа араион Ачадара ақыҭан аҳаскьын ҩа амца акит амҽыша нанҳәа 28 рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶа апресс-маҵзура.
Аҟәантәи абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит амцарцәаҩцәа ԥшь-гәыԥки аиқәырхаратә гәыԥки, зынӡа 32 -ҩык.
Ааигәа игылаз ауаа рынхарҭақәа рзы шәарҭара ыҟамызт. Аха уезгьы аҵәаҵлақәеи амандарина ҵлақәеи рыхәҭак аԥхасҭа роуит.
Амца ырцәоуп. Аиқәырхаҩцәа ацхыраара рырҭон аҭыԥантәи анхацәа.