Аԥсны

Аԥсны АҶА абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа рықәныҟәара шхымԥадатәиу азы агәҽанҵара ҟанаҵоит

Аҳауагәаҭыҩцәа ишаарыцҳауа ала Аԥсны аҳауаԥхарра ҽынла +32°C, уахынла +25°C ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа рықәныҟәара шхымԥадатәиу азы агәҽанҵара ҟанаҵоит.

Аусбарҭаҟны иазгәарҭеит, Аԥсны арҭ амшқәа рзы ашоура цәгьа шыҟоу. Уи иахҟьаны аԥсабаратә амцакрақәа рхәыҵҟьаразы ашәарҭара акырӡа еизҳаит.

Абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа реилагара Аԥсны атәылауааи асасцәеи рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылар алшоит, рҳәеит аусбарҭаҟны.