Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҿы ирҳәеит ПЦР-тестқәа рымҩаԥгараз иаарту аҭыԥқәа русушьа

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҿы еиҭарҳәеит ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа русурашьа.
Иазгәаҭоуп, атестқәа ахьыҟарҵо аҭыԥқәа Аԥсны араионқәа зегьы рҟны ишаарту.
Галтәи араионтә хәшәтәырҭа: аусурамшқәа рзы асааҭ 9:00 инаркны 11:00 нӡа.
Ткуарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа: аусурамшқәа рзы асааҭ 9:00 инаркны 12:00 нӡа.
Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭа: аусурамшқәа рзы асааҭ 9:00 инаркны 11:00 нӡа.
Гәылрыԥшьтәи ахәшәтәырҭа : аусурамшқәа рзы асааҭ 9:00 инаркны 16:00 нӡа.
Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа: есыҽны асааҭ 9:00 инаркны 11:00 нӡа.
Ахәыҷтәы поликлиника: асааҭ 9:00 инаркны 11:00 нӡа (ахәыҷқәа мацара рзы).
Гәдоуҭа: ашәахьа инаркны асабшанӡа асааҭ 9:00 - 15:00 рзы.
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа: ашәахьа, ахаша, ахәашәа асааҭ 9:00 инаркны 10:00 нӡа.
Атест аҭаразы ирыдыркылоит аҳақьым иҟынтәи адәықәҵабӷьыц рымазар ма ачымазара асимптомқәа рызцәырҵзар. Атәылауҩшәҟәы рымазароуп.
Аҿкы зыдбалоу 14 мшы акарантин ицароуп, уи аамҭа анцалакгьы ПЦР-тест еиҭа иаҭатәуп.
Ареспубликаҿ аус ауеит иаку аҭел - 0303.