Шәача амцакразы ашәарҭара ҳаракуп нанҳәа 30 рҟынӡа

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Шәача ашьхақәа иаԥну араионқәа рҟны амцакразы ашәарҭара ҳаракуп нанҳәа 30 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аусбарҭа.
"Нанҳәа 28, 29, 30 рзы Шәача ашьхақәа иаԥну араионқәеи ақалақь иазааигәоу ашьхақәеи рҟны амцакразы ашәарҭара ҳаракуп",- азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Аиқәырхаҩцәа ауаа амра ицәымларц, абнақәа рҟны амцақәа еиқәырымҵарц, амаҭәа еиқәаҵәа ршәырымҵарц азы ргәы рҽанырҵоит.