Арадио

Ӷәынџьиа аԥхынтәи алагер "Ахьышьҭрахь 2022" азы: ахәыҷқәа рыԥсадгьыл агәыбылра днаркуеит

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз аҳәынҭқарратә еилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аиҳабы Алмасхан Ӷәынџьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит апроект "Ахьышьҭрахь 2022" аиҿкаара зыбзоурахаз, Аԥсныҟа ааԥхьара змоу ахәыҷқәа ирыдгалахо атәы.
Sputnik
Изныкымкәа ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа Аԥсны иаҭааны араҟа аԥсшьарамшқәа рхыргахьан. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз аҳәынҭқарратә еилакы уи азы иҷыдоу апроект "Ахьышҭрахь" еиҿкааны иамоуп. Апандемиа аамҭазы апроект аанкылан. Сынтәа Аԥсныҟа раара азгәаҭан Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи, Шьамтәылантәи, насгьы Нхыҵ-Кавказынтәи ахәыҷқәа, аха иааз Нхыҵ-Кавказнтәи роуп, иҳәеит Ӷәынџьиа.
"Иааз ахәыҷқәа 12 инаркны 16 шықәсанӡа рықәра наӡоит. Дара 12-ҩык ыҟоуп, урҭ ирыцу аиҳабацәа налаҵаны рхыԥхьаӡара 16-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Дара Урыстәыла еиуеиԥшым афедералтә еицлабрақәа рҿы аиааира згаз роуп. Ахәыҷқәа Гагра инаркны Тҟәарчалнӡа еиуеиԥшым аҭыԥқәа дырбахоит", - азгәеиҭеит Ӷәынџьиа.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз аҳәынҭқарратә еилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аиҳабы еиҭеиҳәеит апроект хықәкыс иамоу атәы. Иҳәеит аҭыԥантәи ахәыҷқәеи ԥсшьара иаази аимадарақәа рыбжьаҵара ҵакыс иамоу атәы.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.