Аԥсны

АҶА аиқәырхаҩцәа ахатәыҩнқәа ашәарҭадара иҭазыргылаз амца дырцәеит

Амцакра ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит ашәахьа нанҳәа 29, асааҭ 10:40 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29– Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра русзуҩцәа Аҟәа, ахатәыҩнқәа ашәарҭадара иҭазыргылаз амца дырцәеит, аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аҟәа, Воронов имҩадуа аҵакыраҟны арыцқьарақәа раан ачықьрақәа амца ркит. Амцабз ааигәа игылаз уаҩ дзыҩнамыз ахыбрахь еихеит.

Амца ааигәа игылаз ахатәыҩнқәа рахь ииасыр алшоит ҳәа ашәарҭара ҟалеит.
Абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит амцарцәаҩцәа ҩ-гәыԥк. Амца дырцәеит.