Аԥсны

Аԥсны ахада амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәараан уи алахәылацәа иазааҭгылеит Аԥсны ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәааразы имҩаԥысуа аусура.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәараан уи алахәылацәа иазааҭгылеит Аԥсны ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәаара знапы иану аусбарҭақәа имҩаԥырго аусура.
Аиԥылара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, апрокурор хада Адгәыр Агрба, ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, АШәМ ахантәаҩы Роберт Кьиут, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, АШәМ ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьиба.