Аԥсны

Инасыԥымшу цәыббра 1: "Кьараз" адыррақәа Рымш аламҭалаз акциа мҩаԥнагеит

Есышықәса афонд "Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә акциа мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik. Есышықәса "Инасыԥымшу цәыббра 1" ҳәа ахьыӡҵаны афонд "Кьараз" адыррақәа Рымш азы акциа мҩаԥнагоит ҳәа иҳәеит афонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын, Sputnik аинтервиу аҭо.
Сынтәатәи акциа хыԥхьаӡарала ибыжьбатәиуп, еизгоуп 400 нызқь мааҭ. Ари азхоит иахәҭоу ашколтә хархәагақәа 850-ҩык рзы аахәара.

"Ашколхәыҷқәа рзы аканцелиариа Аԥсны анҭыҵ иааҳхәеит. Уаҟатәи ахәқәа еиҳа иаҳзыманшәалан. Атауар 800 000 мааҭ рыхә ҳәа еиҿкаан, аха абжа иаҳзагхеит", - иҳәоит "Кьараз" анапхгаҩы.

Ауаа ԥара-шьарала адагьы иаҳзааргон амаҭәа, ашәырақәа. Аргәын иазгәеиҭеит акциа амҩаԥгаҩцәа атәыла ауааԥсыра ҭабуп ҳәа шрарҳәо абри азы.
"Уи адагьы, Донбасс ацхырааразы аштаб ахаҭарнакцәа 50 школтә форма ҳанаршьеит", - азгәеиҭеит иара.
Нанҳәа 29 рзы агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" алахәылацәа ашколхәыҷқәа аканцелиариа рызшара иалагеит, ирыгәҭакуп цәыббра 1 аҟынӡа иахьӡарц ҳәа азгәеиҭеит Кадыр Аргәын.