Иԥсҭазаара далҵит Михаил Горбачиов

Михаил Горбачиов - асовет, аурыс ҳәынҭқарратә политикатә, апартиатә, ауаажәларратә усзуҩ, Акоммунисттә партиа Ацентртә Комитет Амаӡаныҟәгаҩ хада, СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум аҵыхәтәантәи ахантәаҩы, СССР актәи, иагьаҵыхәтәантәихаз, ахада.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. 92 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Асовет еидгыла актәи, иагьаҵыхәтәантәихаз, ахада Михаил Горбачиов. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Аклиникатә хәшәтәырҭа хада ахаҭарнак идыррақәа шьаҭас иганы.
Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов идунеи иԥсахит акыршықәса илаҽыз ачымазара иахҟьаны рҳәеит адырраҭараҿы.
Михаил Горбачиов - иналукааша асовет, аурыс ҳәынҭқарратә политикатә, апартиатә, ауаажәларратә усзуҩ, Акоммунисттә партиа Ацентртә Комитет Амаӡаныҟәгаҩ хада, СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум аҵыхәтәантәи ахантәаҩы, СССР актәи аҵыхәтәантәи ахада. Иара ихаан иҟалеит акрызҵазкуа агеополитикатә хҭысқәа: Аибашьра хьшәашәа хыркәшан, Афганисҭан асовет ар алган, Асовет еидгыла еилаҳаит.