Аԥсны

Лев Кәыҵниеи Урыстәыла АҶА аиҳаби аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит

Аиԥылараан иалацәажәеит аҩганк русбарҭақәа русеицура арҿиареи арӷәӷәареи азҵаарақәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа Москва урыстәылатәи иколлега Александр Куренков диԥылеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ҷыдала иазгәаҭоуп аҳәааҿы аусеицура азҵаарақәа, аҽазыҟаҵарақәа реицымҩаԥгара, иҷыдоу атагылазаашьақәа раан аицхырааразы амеханизмқәа аус рыдулара.
Иара убас адырра ҟарҵеит аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра азҵаара "ҷыдала аус адырулоит" ҳәа.