Мишустин урыстәылатәи аекономика ашьақәгылашьа атәы далацәажәеит

Иахьатәи аамҭазы атәыла амчрақәа аекономикатә ҿиара ашьақәыргылараз еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа рыдыркылоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла аиҳабыреи Абанк хадеи ишрылшаз аекономика ашьақәыртәара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Мишустин астратегиатә сессиа "Атәыла афинанстә система аҿиаразы" аҟны иқәгылара шьаҭас иганы.
"Урыстәыла Абанки ҳареи еицыӡбаны иҳалшеит аџьармыкьақәеи абанктә системеи рҭышәныртәалара, аинфлиациатә шәарҭарақәа рыларҟәра. Арҭ иахьа ахархәаҩцәа рҭаххара адинамика иҵоураны ианыруеит", - иҳәеит Мишустин.
Иара иазгәеиҭеит иахьа атәыла аиҳабыра ирнапынҵаны иҟоу аекономика аҿиара алзыршаша абжьараамҭа адкылара шакәу. Уи азы, ишиҳәаз ала, асекторқәа зегьы – афондтә, абанктә, аԥгаԥсатә, атәанчахәытә - реицырҿиара аҭахуп ҳәа.
Мишустин иажәақәа рыла, асанкциақәа раамҭаз афинанстә система аҿиаразы иаҭахуп хра змоу амеханизмқәа, аекономика аликвидрала ихарҭәаатәуп.
Уи адагьы амааҭ ала жәларбжьаратәи ашәарақәа рыхәҭа ишацҵатәуи иҩызам аҳәынҭқаррақәа рвалиутақәа рхархәара мап ацәкызарц иҳәеит.
Мишустин Урыстәыла ааглыхратә лшара рӷәӷәазарц ааԥхьара ҟаиҵеит
Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь ЕАА зхадараҿы иҟаз атәылақәа жәпакы асанкциақәа аларгалеит Урыстәыла аганахьала. Урыстәыла амчрақәа аҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи аекономикатә кризис алмыршареи рзы аҭактә санкциақәа рыдыркылеит.