Аԥсны

Урыстәылатәи арратә нџьнырцәа Аԥсны ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аԥсны иҟоу ААО анџьныр-сапиортә архәҭақәа рҽазыҟаҵарақәа хыркәшахоит цәыббрамза агәазы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30– Sputnik. Аԥсны иҟоу ААО анџьныр-сапиортә архәҭақәа рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Гәылрыԥшь араион Ҵабал иҟоу ахысырҭаҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Анџьнырцәа аҵакыраҿ аминаҵхра, анџьныртә ҭахкаарақәа рықәыргылара, амотохысратә, атанктә, артиллериатә ҟәшақәа ргыларҭақәа реиҿкаара мҩаԥыргоит.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп арратә ӡхәыҵалаҩцәа. Дара атехника ахьымҩасуа аҭыԥқәа рҿы аӡаҵақәа ҭырҵааит, анаҩс анџьнырцәа апонтон-цҳатә парк ахархәарала ацҳақәеи ацҳа хьанҭақәа ТММ-3-и хырҵарц азы.
Аԥсны иҟоу ААО анџьныр-сапиортә архәҭақәа рҽазыҟаҵарақәа хыркәшахоит цәыббрамза агәазы.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу аурыс аруаа атехника апарк аҟны "амца" дырцәеит