Аԥсны

Аиҳабыра иаднакылеит Аԥсны ААРи Урыстәыла ААРи рыбжьара аинформациа аимдаразы ақәҵара

Абри Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аганқәа рҳәынҭқаррақәа рҳәынҭқарратә маӡа иаҵанакуа аинформациа аимдара мҩаԥысуам.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аиҳабыра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара аинформациатә еиныррази аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ркомпетенциа иаҵанакуа азҵаарақәа рзы електронтә ҟазшьала аинформациа аимдарази Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы ақәҵара аднакылеит.

Аиқәшаҳаҭра рыдызгалаз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аинформациатә еинырра шымҩаԥысуа Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә закәанԥҵареи жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи инарықәыршәаны.

Адокумент инақәыршәаны аҳәынҭқаррақәа ркомпетенттә усбарҭақәа ринформациатә еинырра мҩаԥысуеит апрограмма-техникатә хархәагақәа рыла. Убри аан дара аинформациа аиашареи, ахаҭәаареи, ашәарҭадареи реиҿкаараз аҭакԥхықәра иаҵагылоит.
Асеиԥштәи аинформациа амаҵзуратә хархәараз еимдахоит, ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара азин ыҟам, ихьчоуп атехникатә ԥкаанҵақәа инарықәыршәаны.