Аԥсны

Аԥсны ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит амҩақәа рҿы аԥыԥшра маӡа ҩаԥхьа амҩаԥгара ишалаго

Ареспублика амҩадуқәа рҿы аԥыԥшра маӡа аанкылан мшаԥымзазы асертификациа зызуу атехникатә хархәагақәа ҳауаанӡа иҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны иҳәеит амҩақәа рҿы аԥыԥшра маӡа ҩаԥхьа амҩаԥгара ишалаго.
ААР анапхгара атәыла ауааԥсыра рҟынтәи ашшыԥхьыӡқәа роуеит Аҳәынҭқарратә автомобилтә инспекциа аусзуҩцәа цасҳәа автомашьынақәа рыԥсҟы зку рныҟәашәа иагдырхарц рымҩа ишаԥырхагахо, уи алагьы ауаа амҩатә ԥҟарақәа еиларгарц ишазаарго азы. Усеиԥш алмыршаразы иаархәеит амашьына аццакыра ҭазгало арегистраторқәа.
Аԥсны
Аиҳабыра иаднакылеит Аԥсны ААРи Урыстәыла ААРи рыбжьара аинформациа аимдаразы ақәҵара
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб аминистрра ахада дазхьеирԥшит арыӷьарахь аԥсҟы змоу амашьынақәа рырныҟәцара аԥҟарақәа ртәы амашьынарныҟәцаҩцәа ирзеиҭарҳәаларц, абри азы Аԥсуа телехәаԥшраҿы аҭаҩрақәа мҩаԥыргарц. Астатистика инақәыршәаны, арҭ рҩызцәа амашьынақәа рныҟәгара еиҳа иахьыуадаҩу азы амашәырқәа рхылҿиаауеит.
"Астатистика абасеиԥш иҟоуп: ҵыԥхтәи ашықәс азы 180 машьына амҩатә машәырқәа ирылахәхеит, урҭ рҟынтәи шәкы – арыӷьарахьтә аԥсҟы змоу ракәын, ари ашықәс абжьымз рыҩныҵҟа 116 машәыр рҟынтәи 65 машәыр зхылҿиааз арӷьарахьтәи аԥсҟы змаз роуп", - иҳәеит Анқәаб.
Уи адагьы аминистр иҳәеит арыжәтә иахҟьаны иҟалахьоу амашәырқәа еиҳа ишеиҵахаз.
ААР амҩақәа рҿы аԥыԥшра маӡа амҩаԥгара аамҭала иааныркылоит ҳәа аинформациа цәырҵит ԥхынгәы 4 рзы. Усҟан адепутатцәа ари атема иалацәажәеит атәыла ауааԥсыра рҟынтәи Аҳәынҭқарратә автомобилтә инспекциа аусзуҩцәа цасҳәа автомашьынақәа рыԥсҟы зку рныҟәашәа иагдырхарц рымҩа ишаԥырхагахо, уи алагьы ауаа амҩатә ԥҟарақәа еиларгарц ишазаарго азы рышшыԥхьыӡқәа инарыдҳәаланы.
Усҟан Вальтер Быҭәба иҳәеит ареспублика амҩадуқәа рҿы аԥыԥшра маӡа аанкылахоит асертификациа зызуу атехникатә хархәагақәа ҳауаанӡа ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны Аҳәынҭстандарти Урыстәыла Аҳәынҭстандарти русеицуразы Амеморандум апроект рыдкылоуп