Аԥсны

Аԥсны Аҳәынҭстандарти Урыстәыла Аҳәынҭстандарти русеицуразы Амеморандум апроект рыдкылоуп

Амеморандум иазԥхьагәанаҭоит аусбарҭақәа аинтерес ззеицрымоу аусхкқәа рҟны аусеицура.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит Аԥсны астандартқәеи ахархәаратәии атехникатәии хылаԥшразы Аҳәынҭеилаки Росстандарти рыбжьара астандартизациеи аметрологиеи русхк аҟны аусеицуразы Амеморандум апроект.
Амеморандум хықәкыс иамоуп аганқәа еиҳа инарҭбааны астандартизациеи аметрологиеи русхк аҟны аусеицура мҩаԥыргаларци аԥышәа аимдара апроцесс дырмариарци.
Аԥсны
Аиҳабыра иаднакылеит Аԥсны ААРи Урыстәыла ААРи рыбжьара аинформациа аимдаразы ақәҵара
Убри аан аганқәа аҳәынҭқарратә, акоммерциатә ма азакәан иахьчо даҽа маӡак иаҵанакуа аинформациа еимырдаӡом.
Аусеицура мҩаԥысуеит хырхарҭа рацәала. Арахь иаҵанакуеит астандартизациеи аметрологиеи русхк аҟны адокументқәеи аинформациақәеи реимдара, аперсонал разырхиара, арҵагатә материалқәа реимдара, аиԥыларақәа, аконференциақәа, асеминарқәа рымҩаԥгара, апроектқәа реицҟаҵара.