Аԥсны

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура иҷыдоу аусзуҩцәа разыҟаҵара ацентр аадыртит Аҟәа

Ахыбраҿы ацентр анапхгареи аусзуҩцәеи ндырхалоит, уа иаҭаху зегь ыҟоуп - иахьыҟәо ауадақәа, рҽахьазыҟарҵало ауадақәа уҳәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Аҟәа иаадыртит Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура иҷыдоу аусзуҩцәа разыҟаҵара ацентр, абри атәы аанацҳауеит Амаҵзура ахаҭа.
Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар иажәақәа рыла, Алашарбага аҳаблаҟны идыргылаз ахыбраҿы иаԥҵоуп аҷыдоу адҵақәа знапы ианыло аусзуҩцәа разыҟаҵаразы аҭагылазаашьақәа, урҭ рхы-ргәы ақәланы аус руртә иҟазҵаша.
Дбар иажәа иацҵо иҳәеит ахыбра шрызку ахьчаратә маҵзура абыжьбатәи аҟәша, шықәсыбжак аԥхьа еидкылаз иҷыдоу аҟәша. Аҟәша автотранспорт, амаҭәа ҿыц, иҷыдоу ахархәагақәа уҳәа рырҭахьеит. Аҽазыҟаҵарақәа ирхысыз аруаа иахьа инаркны рус рҽазыркуеит.
Иара убас иазгәеиҭеит ари аҭыԥ аҿы 2007 шықәса рзы Ахьчаратә маҵзура абыжьбатәи аҟәша аартын. 2015 шықәсазы иара ахәбатәи аҟәша ҳәа ахьӡ рыԥсахит, 2022 шықәсазы уаанӡатәи ахьӡ дырхынҳәит – "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьчаратә маҵзура иҷыдоу абыжьбатәи аҟәша".
Дмитри Дбар ари аҟәша аҵак ду шамоу азгәаҭо инаҵишьит уи аусзуҩцәа алеишәа ӷәӷәа аадырԥшыр шакәу, аҭакԥхықәра ду ишаҵало.