Аԥсны

COVID-19 Аԥсны иаҭагылазаашьоу иалацәажәеит Аиҳабыра реилатәараҿы

Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа иҭоуп 27-ҩык акоронавирус злоу ачымазцәа. Хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны COVID-19 азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иалацәажәеит Аиҳабыра реилатәараҿы нанҳәа 31 рзы.
Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардан иазгәеиҭеит COVID-19 уаанӡатәи аштаммқәа иреиԥшымкәа уажәы ауаа имарианы ишырхырго.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит иацы Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Шургалин ҭелла даниацәажәоз ареспубликаҿ лаҵас ирҭаху арбану ҳәа дышҵаауаз.
"Дельта" аналаҵәаз ауаа ачымазара хьанҭаны ирхыргон, иҟан аԥсыҭбарақәа, ахҟьаԥҟьақәа, иҭәын ареанимациақәа, аха ауаа алаҵаҟаҵара рацәак ргәы аҳәомызт. Уажәы еиҳагьы имаҷуп изҭаху. Иҳадҵаало роуп алаҵа ззыҟаҳҵо", - иҳәеит Аҩардан.
Александр Анқәаб иазгәеиҭеит атәыла ауааԥсыра лаҵала ишеиқәыршәатәу, избанзар ҭагалан аҭагылазаашьа шыҟалаша макьаназ аӡәгьы издырам.