Арадио

Капԥҳа еиҭалҳәеит аҵарашықәс ҿыц азы Аҟәатәи алицеи-интернат аҟны изеигәырӷьо ахҭыс атәы

Аҟәатәи ашкол–интернат аиҳабы Лариса Қапԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу, сынтәа ҿыцрас ирымоу атәы.
Sputnik
Аҵарашықәс аҽазыҟаҵара аԥхын иааԥмырҟьаӡакәа ицон уҳәар ауеит, избанзар алицеи-интернат иаҵанакуа ахылаԥшра зҭаху адгьыл маҷӡам, 12-ҩык аусзуҩцәа ԥсшьарада аԥхын аус руан лҳәеит Қапԥҳа аефир аҟны.
"Иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа аҭыӡқәа шәны, акласстә уадақәа, ашьҭаларҭа уадақәа азыҟаҵоуп ахәыҷқәа рыдкылара, ашәҟәқәа рылагьы ҳаиқәшәоуп. Даҽа аамҭанык еиԥшымкәа иаҳа ҳзеигәырӷьо хҭысны иҟоуп сынтәа иахьаартхо актәи, аҩбатәи аклассқәа. Анкьа ахԥатәи аклассқәа ракәын иҳадаҳкылоз, сынтәа алагарҭатә классқәа алагалоуп. Уи ҳҵара ахаҭабзиара аиӷьтәразы ииашан, избанзар ахәыҷы актәи акласс инаркны иаҳа арежим дашьцылоит, идыррақәагьы иаҳа иҭышәынтәалахоит", - лҳәеит Қапԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.