Тҟәарчал араион аҟны актәи акласс ахь ицо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ашколқәа рнапхгаҩцәа рдыррала 140-ҩык рҟынӡа ыҟоуп, азыҟаҵаратә классқәа рахь инеиуа 80-ҩык рҟынӡа, лҳәеит Хаҳәбиаԥҳа.
Жәамш рыҩныҵаҟала иаҳа еилкаахоит ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо. Урҭ ашкол ахь реибыҭаразы хәыҷык ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа ирыдгылеит Аҵара министрра аҟынтәи. Иҳарҭеит амаҭәақәа ахәыҷқәа ашкол ахь излацаша. Араион аҟны иҟоуп зынӡа 17 школ: урҭ рахьынтә 16 абжьаратә школқәа роуп, акы цхыраагӡатәуп. Ашколқәа 12 араион ақыҭақәа рҟны иҟоуп. Имаҷым ҳашколқәа рхыбрақәа ацхыраара зҭаху. Иахьазы ахәыҷқәа рыдкылара иазхиоуп Воронов ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҩбатәи абжьаратә школ, уаҟа ҵыԥхгьы имҩаԥысуан, сынтәагьы, ҳаԥхьаҟагьы иҟаҵатәу аусурақәа рацәоуп ашкол аҩныҵаҟа. Убасгьы ацхыраара зҭаху акәны иҟоуп Баграт Шьынқәба ихьӡ зху, ҩ-секторк ахьыҟоу Тҟәарчалтәи ашкол. Агәыбедиатәи абжьаратә школ ахыбра акапиталтә ремонт аҭахны иҟоуп, ааигәанӡа алацәажәара цон, уажәшьҭа аиҭашьақәыргыларахь иқәыргылахо хыбрахоит… Еиқәысыԥхьаӡаз ашколқәа рҟны иахьагьы аҵарааӡаратә ус мҩаԥугартә еиԥш аҭагылазаашьақәа зегьы еиҿкаауп", - лҳәеит Хаҳәбиаԥҳа.
Лара убасгьы дазааҭгылеит ахәыҷбаҳҷақәа рҭагылазаашьа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.