АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Урыстәыла АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи аусбарҭа Шәача ашоурацәгьа ахьыҟоу азы ауаа ргәырҽанырҵоит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
"Нанҳәа 31 асааҭ 15-16 инаркны ихәлаанӡа, иара убасгьы цәыббра 1 азы Шәача иахьаҵанакуа ашоура ӷәӷәа ҟалоит, џьара-џьара +36, +37°C ихалоит", – аҳәоит адырраҭараҿы.
Ҩымчыбжь ирықәуп Шәача ақәа амуижьҭеи. Уи иахҟьаны аӡқәеи аӡиақәеи рҟны иӷӷарахеит. Агуртәи аиҩхааҿы аӡыршәқәа хԥа аангылеит. Уи адагьы ашоура иахҟьаны абнараҿ амцакрақәа ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп.
Уаанӡа АҶА аҳәамҭа ҟанаҵахьан цәыббра 2 рҟынӡа акурорт аҿы амцакратә шәарҭара аԥшьбатәи аҩаӡараҿы иҟоуп ҳәа.