Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура ахаҭарнакцәа Запорожтәи АЕС ахь инеиит

Аколонна шьақәгылоуп ЕАР ҳәа аҩыра зну амашьынақәа жәбеи амҩангаратә машьынақәеи рыла.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1– Sputnik. Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура ахаҭарнакцәа Запорожиатәи АЕС ахь инеиит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Астанциаҿы аҭагылазаашьа ҭынчуп. Ахысыбжьқәа гаӡом.
Уаанӡа украинатәи амчрақәа рҽазыршәеит АЕС х-километрак инацәхыкны 60-ҩык рҟынӡа злаз адесант ахыжьра. Аҭыԥантәи амчрақәа рдыррақәа рыла 47-ҩык ҭархоуп, хҩык тҟәоуп, 12-ҩык реиҭаҵра ԥкуп. Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәоит урҭ раԥыхраз аусқәа рхыркәшарахь ишнеихьо.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи амчрақәа ЗАЕС зымпыҵазхаларц зҭахыз украинатәи адесант еилаԥырыххааит
Иара убасгьы актәи агәыԥ рыцхрааразы идәықәҵаз адеверсантцәа рбаржақәа ҩба ӡаарҟәрылоуп.
УАМ МАГАТЕ аделегациа Запарожиатәи АЕС ахь рнеира аламҭалаз ақалақь Енергодар иалахысуан. Ииасыз уахи-ҽни рыҩныҵҟа 60 жәылара мҩаԥган БПЛАи артиллериеи рыла. Иҭахеит хҩык, аӡәы ахәра иоуит. Артиллериатә хгәыцәқәа ахәыҷбаҳчақәа хԥа рҵакыраҿ икаҳаит.
Запорожтәи АЕС иахьеихсуаз иахҟьаны ахәбатәи афымцамчхәҭа аусура нкылоуп. Аус ауеит афбатәи ахәҭа – 60% рыла.