АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Евроеидгыла атәылақәа ирмариоу авизатә режим азы еилацәажәеит ҳәа аанацҳауеит аекономикатә информациа амаҵзура "Прайм" евродипломатиа ахада Жозеп Боррель иажәақәа ааго.
"Аполитикатә ӡбамҭа ҳадаҳкылеит Евроеидгылеи Урыстәылеи рыбжьара авизақәа ырмарианы рыҭаразы аиқәшаҳаҭра аанкылараз", - иҳәеит иара.
Абри ашьҭахь урыстәылаа ирыҭахо авизақәа рхыԥхьаӡара еиҵахоит, урҭ раиура апроцессгьы еиҳа иуадаҩхоит. Боррель иҳәеит аԥкрақәа залагалоу урыстәылаа Европа атәылахь залагалара ҟамло атауарқәа аарымхәарц азы шакәу.
Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа аекспертцәа рдыррала авизатә еизга 35 евро аҟынтә 80 евро ахь ихалеит, авиза аиура аамҭагьы шықәсыбжак аҟынӡа агалоит. Уи адагьы урыстәылаа зныктәи авизақәа ракәхоит ироуа, акраамҭатәи шенгентәи авизақәа роура уадаҩхоит. Уаанӡа ироухьаз авизақәа ракәзар рыҿҳәара нҵәаанӡа ахархәара роуеит.