Аҟәа араион аҟны иҟоу аҵара усҳәарҭақәа рыбжьара хыԥхьаӡарала аҵаҩцәа иаҳа имаҷны иахьҭоу ауп Ешыратәи абжьаратә аԥсуа школ. Аклассқәа сынтәа хәба рымоуп, арҵаҩцәа жәаҩык.
"Ахәыҷқәа аӡәы, ҩыџьа ҳамоума ҳәа акәӡам, арҵаҩы иус есымшагьы амҽхак ҭбаауп. Ҳазхиоуп аҵарашықәс ҿыц алагара. Сынтәа 12 -ҩык роуп иҳазҭоу ашкол. Уи даара игәыҭшьаагоуп ҳа ҳзы, аҳәарагьы сцәыхьанҭоуп, аха арҭгьы хәыҷқәоуп, аџьабаа рыдбалатәуп, дара рзы ашкол ашә аарттәуп. Ахәыҷқәа актәи акласс ахь иаҳзааиуа ртәы ҳҳәозар, жәҩангәашәԥхьарак ҳзаатны џьара аӡә даҳзымгьежьуазар, макьана аӡәгьы дҳамаӡам. Иҟоу аҭыԥантәи ахәыҷқәа Аҟәа ақалақьтә школқәа ахәбатәи, афбатәи, ажәохәтәи рахь иргоит аҭаацәа. Сынтәа шьҭа ахԥатәи ашықәс акәхоит актәи акласс ахь ицо аҳәыҷқәа ҳамамиижьҭеи", - лҳәеит Шларԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.