Урыстәылаа еиҳа Урыстәыла "иаҩызоу" ҳәа иршьо атәылақәа рыӡбахә рҳәеит

Азҵаараҭҵаара мҩаԥысуан face-to-face интервиу аҟазшьала. Иалахәын 1600-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Изызҵааз урыстәылаа рыбжаҩык (55%) Китаи еиҳа иҩыза-тәылоу акәны аӡбахә рҳәеит ҳәа аанацҳауеит ВЦИОМ.
2019 шықәса раахыс ас изыԥхьаӡо рхыԥхьаӡара жәантә иацлеит.
Китаи иашьҭанеиуеит Беларусь. 2018 шықәсазы 20% уи аӡбахә рҳәозҭгьы уажәы 49% усеиԥш иршьоит. Индиа ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит – аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьақәа ирҿырԥшны иара ахьӡ рҳәеит 22 процент изазҵааз.
Урҭ ирышьҭанеиуеит Ҭырқәтәылеи Ҟазахсҭани. Урыстәыла иаҩызам атәылақәа ҳәа рыӡбахә ҳәоуп: 76% - Еиду аштатқәа алырхит (2019 шықәсазы жә-процентк рыла ари арбага еиҵан). Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Украина (43%), ахԥатәи - Великобританиа (39%), Германиа (32%), Польша (28%), Франциа (21%) уҳәа егьырҭгьы. Асиа иара убасгьы ианылеит Финлиандиа (5%), Болгариа (2%), Чехиа (2%).