Аԥсны

Аԥсны 2022 шықәса аԥхьатәи азыбжазы урыстәылаа зҭаауаз аҳәаанырцәтәылақәа хәба ирыҵанакит

2022 шықәса аԥхьатәи аамҭахәҭаҿы урыстәылаа 8,0 млн туристтә ныҟәара мҩаԥыргеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥсны 2022 шықәса аԥхьатәи азыбжазы урыстәылаа зҭаауаз аҳәаанырцәтәылақәа хәба рҟынтә актәи аҭыԥ ннакылеит, абри атәа аҳәоит Росстат ажәахәаҿы.
2021 шықәса иаҿырԥшны 2022 шықәсазы аныҟәарақәа 36,1% еиҳахеит, урыстәылаа 8,0 млн туристтә ныҟәара мҩаԥыргеит.
2022 шықәса аԥхьатәи азыбжазы урыстәылаа зҭаауаз аҳәаанырцәтәылақәа хәба рсиа:
Аԥсны - 1,9 млн ныҟәара
Ҭырқәтәыла - 1,3 млн ныҟәара
Ҟазахстан - 654,2 ныз ныҟәара
ЕААе - 443,8 ныз ныҟәара
Египет - 406,9 ныз ныҟәара
2022 шықәса актәи ахәҭазы Урыстәылаҟа имҩаԥган 3,7 млн туристтә ныҟәара. Ари ҵыԥх аасҭа 29,6% еиҳахеит.
Абри аамҭазы Аԥснынтә Урыстәылаҟа ииасит 287 нызқьҩык, 2021 шықәсазы - 97 нызқьҩык.
Аԥсны
Урыстәылатәи атуроператорцәа: Аԥсны аԥхынраз 800 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа аҭаахьеит