Аԥсны

Бжьаниеи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи ашәахтәқәеи, атурсезон шымҩасуеи ирылацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ахадеи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи ашәахтәқәа реизгара аҭагылазаашьа, амҩатә инфраструктура, акурорттә сезон, ӡыла аиқәыршәара рызҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аслан Бжьаниа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ишьҭыхыз атемақәа зегьы иныҭкааны иҭырҵаарц.