Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кобахьиеи Ԥлиаԥҳаи Аидгылатә ҳәынҭқарра иазкны

Аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩ Аслан Кобахьиеи аполитолог Далила Ԥлиаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҟны ргәаанагара рҳәеит Аԥсны Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәынҭқарратә Еидгыла алаларазы.
Sputnik
Аԥсны азхиоуп Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәынҭқарратә Еидгыла алалара, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов аинтервиу иҭо. Мышқәак раԥхьа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва диԥылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аидгыла ҳәынҭқарра азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ҷыда Виктор Сорокин. Аганқәа алацәажәеит евразиатәи аинтеграциа актуалтә зҵаарақәа, аидгылатә программақәеи Аидгылатә ҳәынҭқарра аргылареи ртәы, ҷыдала - Евразиатәи аинтеграциа аекономикатәии аполитикатәии аспектқәа.
Аицәажәара шәазыӡырҩырц шәылшоит аудиофаил аҟны.