Аԥсны

Очамчыра амшын аԥҳәыс лыԥсыбаҩ ҭыргеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik. Тҟәарчал араион Чхәарҭал ақыҭа инхоз Назико Чкадуаԥҳа лыԥсыбаҩ рбеит Очамчыра иаҵанакуа аӡымҽхакыраҿ. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Аиқәырхаҩцәа аԥсыбаҩ лҭаацәа ирырҭеит. Аԥҳәыс лҭахара зыхҟьаз амзыз макьана еилкаам.
Уаанӡа Гал ТВ Назико Чкадуаԥҳа дыӡит ҳәа адырра ҟанаҵахьан. Лара нанҳәа 30 азы Гал лыҩны ддәылҵит, уаҳагь дыхнымҳәит.