Аԥсны

400 миллион мааҭ ашәахтәқәа еизган Аԥсны нанҳәамза иалагӡаны

Ашәахтә лагалақәа рзы аплан ахыхь даҽа 45% рыла инагӡоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. 2022 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны абиуџьет иаланагалеит 421,4 миллион мааҭ ашәахтә лагалақәа ҳәа аанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра.
Убри аан нанҳәамзазы аплан нагӡан 291 миллион мааҭ рыла, убас ала анагӡара иартәеит 145% рыла.
2022 шықәса аамз рыла ашәахтәшәарақәа идыртәеит 2,48 миллиард мааҭ планла иазгәаҭаз 1,76 миллиард мааҭ рҭыԥан, убас ала иазгәаҭаз аҭыԥан еизган 712,8 миллион мааҭ рыла еиҳаны (140% рыла инагӡан).
2022 шықәса аамз рыла Аԥсны араионқәа рҿы ашәахтәқәа шаҟа алагалаз

Араион

Иазгәаҭан иҟаз алагаламҭақәа (млн. мааҭла)

Фактла иалагалаз (млн. мааҭла)

Процентла анагӡашьа

Аҟәа

981,5

1 213,4

124%

Гагра араион

369,2

638,3

173%

Гәдоуҭа араион

128,2

236,4

184%

Аҟәа араион

103,0

107,7

105%

Гәылрыԥшь араион

44,8

65,0

145%

Очамчыра араион

101,1

148,0

146%

Тҟәарчал араион

14,7

39,5

268%

Гал араион

26,2

33,3

127%

Ҵыԥх абри аамҭа иаҿырԥшны алагаламҭақәа еизҳаит 126% рыла, мамзаргьы 518,8 миллион рыла еиҳаны.