Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьанаа Гәыԥ аӡазы иҟоу ауадаҩрақәеи ашкол аҭагылазаашьеи ртәы

Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа ахада Вадим Шьанаа еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны ақыҭаҿы аӡазы ауадаҩрақәа шыҟоу, иҳәеит ашкол ахыбра аҭагылазаашьа акырӡа ишыуадаҩу.
Sputnik
Ақыҭауаа ӡыла реиқәыршәаразы азҵаара аҭыԥ ақәҵара иашьҭjуижьҭеи хәба-фба шықәса инацны иҵуеит иҳәеит ицәажәараҟны Шьанаа.
"Ари азҵаара хәыҷым, аха макьана аҭак ҳмоуцт. Иахьагьы аамҭа шыҟоу, аҳауа зеиԥшроу жәбоит, ауаа аӡы рымаӡам. Агәаҟра ҳамоуп зегьы. Ари ҳара ҳамацара ҳакәӡам. Ус иҟоуп Арасаӡыхь, Акәасқьа, Баслахә аҟынӡа", - иҳәеит Шьанаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.