Аԥсны

Аԥсны АҶА акырцх ахҟьаԥҟьақәа рыӡбахә аҳәеит

Нанҳәамзатәи аарҩара ашьҭахь Аԥсны амш иаалырҟьаны ицәгьахеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Асааҭ 11:00 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аӡәгьы дадымҵаалацт ҳәа адырра ҟарҵеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.
Ақәаршыҩи акырцхи кыдхаҽа илеит Аԥсны цәыббра 4 рзы ашьыжь шаанӡа, кырцхцырақәак акәтаӷь иаҟаран. Аҟәа ҵлақәак аԥша иканажьит.
Мызкы еиҳаны иҟаз аарҩара ашьҭахь Аԥсны амш иаалырҟьаны ицәгьахеит - ақәаршыҩ, адыд-мацәыс ҟалоит амҽышеи ашәахьеи.