Арадио

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит апальмақәа ԥырхага ду рызҭо аԥарԥалыкь азы Аԥсны аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Аҵлақәа ԥырхага рызҭо еиуеиԥшым ахәаҷамаҷақәа рхыԥхьаӡараҟны апальмақәа ҭызфаауа аԥарԥалыкь иааннакыло аҭыԥ, уи азы Аԥсны ашәарҭара ахьынӡыҟоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны аекологиазы ахәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Sputnik
Шәача ақалақь хәышықәса ирылагӡаны апальмақәа зегьы ыиаӡӡаар рылшоит, ирацәоуп ааха зоухьоу аҵлақәа ҭызффауа ахьчԥаԥырқәа ирыхҟьаны ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҭҵааратә усура аганахьала Шәачатәи амилаҭҭә парк аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сако Туниев.
Аԥсны аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы еиҭеиҳәеит Аекологиазы ахәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҷыҭанаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.