Аԥсны

Аԥсны урыстәылатәи атуристцәа зегь раасҭа издызыԥхьало хырхарҭахеит

Сынтәа Ҟрымҟа атуристцәа рхыԥхьаӡара иааубартә аиԥш еиҵахеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Аԥсны урыстәылатәи атуристцәа зегь раасҭа издызыԥхьало хырхарҭахеит ҳәа азгәанаҭеит урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru.
Аԥсны Алтаи, аӡиа Баикали Даӷьысҭани ираԥнагеит - 21% атуристцәа абжьыҭираан аԥхьа идыргылеит.
Урыстәылаа еиҳа бзиа ирбо ахырхарҭақәа:
Аԥсны -21 %
Алтаи-19 %
Аӡиа Баикали Даӷьысҭани -15 %
Кавказтәи аминералтә ӡқәа-10 %
Карелиа-8 %
Камчаткатәи атәылаҿацә- 8 %
Аркаим-3 %
Аҩада Уаԥстәыла-2 %
Ҟарачы-Черкессиа-2 %
Tvil аекспертцәа иазгәарҭеит, егьырҭ ахырхарҭақәа рахь аинтерес аарԥшра изалагаз Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәеи рахь анеира ахьыуадаҩхаз, аҳаирбаӷәазақәа ахьарку шакәу.
Аԥсны
Урыстәылатәи атуроператорцәа: Аԥсны аԥхынраз 800 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа аҭаахьеит