АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра аҭҵааразы аусутә гәыԥ аԥҵаразы ажәалагала ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Ауаажәларратә палата алахәылацәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи иареи реиԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит ахада иусбарҭа апресс-маҵзура.
Аусутә гәыԥ иалахәхоит ахада Иусбарҭа аҟынтә азиндырыҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәа ирыдыргало акандидатцәеи. Иара иахықәкхоит аиқәшаҳаҭра хәҭаҷ-хәҭаҷла аҭҵаара.
"Ауаажәларратә еиқәшаҳаҭра алҳаршароуп. Ани иитәу ари иитәу, ипатриотцәоу ипатриотцәам ҳәа аҽеихшара азин ҳамам. Асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа хымԥадатәуп, избанзар абасеиԥштәи аформат алоуп актуалтә проблемақәа ишрылацәажәатәу", - иҳәеит Ауаажәларратә палата ахаҭарнак Сократ Џьынџьал.
Аиԥылара алахәылацәа агәҭынчымра аадырԥшит аԥснытәи аган аинтересқәа ныҭкааны аиқәшаҳаҭраҿы иарбам, адгьыл аҭиреи ацәтәымтәреи ҟалом ҳәа.
Атәыла ахада иҳәеит адгьылқәа рыҭира азҵаара зынӡагьы ишықәгылам, усеиԥш аҳәарагьы ҵаҵӷәы шамам.