"Иахьатәи аамҭазы иааурыхыз уара иутәуп, аӡәгьы иумихӡом. Аанда уқәтәаны аџьықәреи кауршәыр иҟалаӡом, уи лауҵар, аус адуулар иҟалоит. Уара иуфашагьы, арахә злауааӡашагьы ҟалоит аџьабаа адубалар", - иҳәеит анхаҩы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.