АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Ҩыџьа урыстәылауаа амшын иагеит Гагра. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Тиументәи аобласт аҟынтәи зыԥсы зшьоз Виктор Корнеичуки, Москвантәи иааз Владислав Бабичи рҭахара зыхҟьаз ҭырҵаауеит.
Уи адагьы, цәыббра 5 азы Аԥсны АҶА аусзуҩцәа деиқәдырхеит Уфантәи зыԥсы зшьо А. Банников. Иара днагоуп Гагратәи араионтә хәшәтәырҭахь, иҭагылазаашьа бжьаратәуп.