Аҭоурых амаӡақәа: Аҟәатәи абааши уи "аҳамҭақәеи"

Аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра "Аҟәатәи абааш" аҵакыраҿы ажрақәа есышықәса имҩаԥыргоит 1999 шықәса раахыс.
Sputnik
Аҭоурых-архитектуратә баҟа "Аҟәатәи абаа" – иуникалтәу ҭоурыхтә баҟоуп, ара иҟоуп еиуеиԥшым акультуратә ҿыгҳарақәа - ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса инаркни ҳара ҳера XX ашәышықәсанӡеи ирыҵаркуа.
Археолог иҳәеит Аҟәатәи абааҿы имҩаԥысуа археологиатә жрақәа раан иара убас ԥшаатәыс ишрымоу Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба инышәынҭра. 23 шықәса раахыс Аҟәатәи абааҿы ҩымчыбжьа раахижьҭеи археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥысуеит, Аԥснытә аҳәынҭқарратә университет аҭоурых азанааҭ астудентцәа рыпрактика аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik афотоҭыхымҭақәа рҟны археологцәа рыԥшаамҭақәа.
1 / 11

Аҭоурых-архитектуратә баҟа "Аҟәатәи абаа" – иуникалтәу ҭоурыхтә баҟоуп.

2 / 11

Аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра "Аҟәатәи абааш" аҵакыраҿы ажрақәа есышықәса имҩаԥыргоит 1999 шықәса раахыс.

3 / 11

Сынтәатәи аԥшаахқәа инарылукааша ракәны иҟоуп абзарбзан дуқәа ҩба.

4 / 11

Абзарбзанқәа ҭыжьын Урал, 1853 шықәсазы. 1855 шықәсазы Аԥсныҟа иааган.

5 / 11

Абзарбзанқәа абааш аҵакыраҿы рықәыргыларазы агәҭакы ыҟоуп.

6 / 11

Аҟәатәи абаа – еиуеиԥшым акультуратә ҿыгҳарақәа - ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса инаркни ҳара ҳера XX ашәышықәсанӡеи ирыҵаркуа.

7 / 11

Ажрақәа рхы рыладырхәит 40-ҩык астудентцәеи аволонтиорцәеи.

8 / 11

Абааш аҿы ажрақәа мҩаԥысуеит Акультуреи Атәылахьчареи рминистррақәа рыдгыларала.

9 / 11

Аҵарауаа ажәҩан аҵаҟа иаарту амузеи аԥҵазарц рҭахәуп.

10 / 11

Макьаназы аԥшаахқәа Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи иарҭоит.

11 / 11

Аԥшаахқәа ҭырҵаауеит.