Аԥсны

Нанҳәамзазы Аԥсны аҳазатә шәарақәа рыплан 105% рыла инагӡоуп

Ажьырныҳәа инаркны нанҳәанӡа 2022 шықәсазы аҳазатә шәарақәа ишьақәдыртәеит 1,8 миллиард мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6– Sputnik. Нанҳәамзазы Аԥсны аҳазатә шәарақәа рыплан 105% рыла инагӡоуп, уи 262,6 миллион мааҭ артәоит ҳәа азгәарҭоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿы.
Нанҳәамзазы планла иарбаз раасҭа арбагақәа 11,5 миллион мааҭ еиҳауп.
2021 шықәса абри аамҭазтәи арбагақәа 235,9 миллион мааҭ ыҟан.
Ажьырныҳәа инаркны нанҳәанӡа 2022 шықәсазы аҳазатә шәарақәа ишьақәдыртәеит 1,8 миллиард мааҭ. Аплан иацҵаны абиуџьет иалагалоуп 369,5 миллион мааҭ.
2021 шықәса абри аамҭазтәи арбагақәа 1,6 миллиард мааҭ ыҟан.