Аԥсны

2022 шықәса аамз рыла амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны ҩажәи жәааҩык ҭахеит

Аԥсны ААР ААИ адыррақәа рыла, ареспубликаҿ ашәҟәы иҭагалоуп 69224 транспорт хархәага.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. 2022 шықәса аамз рыҩнуҵҟа амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны ҩажәи жәааҩык ҭахеит иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб имҩаԥигоз аилацәажәараҟны Аԥсны ААР ААИ аиҳабы Баҭал Агрба.
Агрба иажәақәа рыла, ари аамҭа иалагӡаны ареспубликаҿы 132 амҩатә машәыр аҭыԥ рыман, иҭахеит 38-ҩык, 18-ҩык иҭахаз рахьынтә рықәра 18 - 40 иҟан. Аахақәа роуит 182-ҩык.
Аиҳарак арыцҳарақәа аҭыԥ рыман Гагра араион, амҩаду Ԥсоу-Аҟәа аҿы.
2021 шықәса абри аамҭазы 113 мҩатә машәыр ыҟан, иҭахеит 23-ҩык. ААИ аиҳабы иҳәеит ажьырныҳәа-нанҳәа амзақәа рзы 57 203 амҩатә ԥҟарақәа еилаган. Убри аан 14 824 еилагара афотогәаҭарақәа рыла ишьақәыргылан.
Илҩаауп 46,1 миллион мааҭ рыхә ахараԥса, атранспорт ахархәара азин рымхуп 1162-ҩык.
Аԥыза-министр Баҭал Агрба инапы ианиҵеит амҩақәа рҿы апрофилактикатә усурақәа ирыцҵазарци арбагақәа еиӷьтәызарци.