Аԥсны

Аслан Бжьаниа АААК анапхгаҩы Мусса Егзакь диԥылеит

Уаанӡа Аслан Бжьаниа диԥылеит Рашид Темрезов. Аԥсны ахада Темрезови ажәлар зегьи ирыдиныҳәалеит ареспублика шьаҭаркуижьҭеи 100 шықәса аҵра.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи, аҭҵаарадырра-культуратәи аспорттәи проектқәа рыдгылареи азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аиҳабы Мусса Егзакь Черкесск имҩаԥысыз реиԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа инаҵшьны иҳәеит аԥсуааи абазақәеи жәларык шракәу, уи еиҳау акгьы шыҟам.
"Ҳара ҳкультура, ҳбызшәа, ҳмилаҭ — хәызмам беиара дуӡӡоуп, уи еиқәырхатәуп, адунеи аҿы иахьатәи аамҭазы иҟоу ашәарҭарақәа ирыхьмырԥшкәа", - иҳәеит ахада.
Аслан Бжьаниа цәыббра 6-12 рзы Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа аусутә еиԥыларақәа рымҩаԥгаразы дыҟазаауеит.
Аԥсны
"Жәларык ҳауп": Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиа ареспублика 100 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит