Аԥсны ашьхараҿы иаадырԥшит џьаргьы иазгәаҭамыз асовет ар рыԥсыжырҭа, жәларбжьаратәи аԥшааратә експедициа "Марух. Высокогорный фронт-2022" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аекспедициа мҩаԥысуан нанҳәа 29 инаркны цәыббра 2 рҟынӡа аӡиасқәа Ацгара, Аданга, Ладатәи Марыхә реилаларҭаҿы. Аԥсыжырҭа 1942 шықәсазы иаартын, аха анаҩс ашәарыцацәа, атуристцәа, атуристтә клубқәа рлахәылацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ирыԥшаауаз асовет ар рыԥсыбаҩқәа уа иржуан 1980-тәи ашықәсқәа рҟынӡа. Аҵыхәтәантәи аԥсыбаҩ анышә иамадан Аидгылатә ҭоурых-патриоттә експедициа "Оборонная тропа" алахәылацәа рылшарала, 1985-1986 шықәсқәа раан.
"Ас еиԥш експедициақәа рымҩаԥгара ҳалагеит 2017 шықәса раахыижьҭеи. Уи аахыижьҭеи 46 ԥсыбаҩ лбааҳгеит, уажәтәиқәа рыламҵакәа. Ҳара ҳалагаанӡагьы уи аус иаҿыз ыҟан, иааизакны 100-ҩык рыԥсыбаҩқәа лбааганы, ишахәҭоу еиԥш анышә иамадоуп. Уажәы аԥсыбаҩқәа илбаагоу аӡбарҭа-медицинатә експертизахь аҭҵааразы инагоуп. Усҟан ишьақәырӷәӷәаны иаҳҳәоит шаҟаҩы ыҟоу, иахьазы быжьҩык рыԥсыбаҩқәа фрагментла илбаагоуп", - лҳәеит Беиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.