Аԥсны

Бжьаниа: Аԥсны жәлар хатәгәаԥхарала ирыцеибашьуаз ҳаҭырла иргәаладыршәоит

Аслан Бжьаниа цәыббра 6-12 рзы Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа аусутә еиԥыларақәа рымҩаԥгаразы дыҟазаауеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дықәгылеит Ҟарачы-Черқьесиа ареспублика шьаҭаркуижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатә аҿы. Абри атәы аанацҳауеит ахада иусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны
Бжьаниа Черкесск ашәҭқәа шьҭеиҵеит "Кашәара зқәым Ахьӡ-Аԥша Амца" Амемориал аҟны
Иара иазгәеиҭеит Ҟарачы-Черқьесиа шьаҿа ӷәӷәала ԥхьаҟа ацара ишаҿу, асоциал-економикатә усхк аҿиараҟны алҵшәа бзиақәа шамоу, убри аан атрадициақәеи акультуреи шеиқәдырхо.

Бжьаниа иҭабуп ҳәа реиҳәеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан зашьцәа ирывагыланы хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ҳашьцәа.
"Аԥсны жәлар иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы хатәгәаԥхарала ирыцеибашьуаз, ихьыԥшым аҳәынҭқарра ашьаҭа азышьҭаҵараан ирывагылаз ҳашьцәа ҳаҭырқәҵара дула иргәаладыршәоит. Ҳара идуӡӡан иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҳацхраауаз, адгылара ҳазҭоз, ишәаҳҳәар ҳҭахуп шәара шәзы ҳара ҳашәқәа еснагь ишаарту", - иҳәеит ахада.
Цәыббра 12 рзы Ҟарачы-Черқьессиа иазгәарҭоит ареспублика шьаҭаркуижьҭеи 100 аҵра. Агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәуп Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу Аԥсны аделегациагьы.
Аԥсны
"Жәларык ҳауп": Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиа ареспублика 100 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит