Аԥсны

Бжьаниа Черкесск ашәҭқәа шьҭеиҵеит "Кашәара зқәым Ахьӡ-Аԥша Амца" Амемориал аҟны

Аслан Бжьаниа цәыббра 6-12 рзы Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа аусутә еиԥыларақәа рымҩаԥгаразы дыҟазаауеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Ҟарачы-Черқьесиа ахада Рашид Темрезов, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев ашәҭқәа шьҭарҵеит Черкесск Аиааира апарк аҟны игылоу "Кашәара зқәым Ахьӡ-Аԥша Амца" Амемориал амҵан. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ахада иара убас далахәын абаҟа "Аиааира згаз Асовет аруаҩ" амҵан ашәҭшьҭаҵара.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Ҟарачы-Черқьесиа ахада Рашид Темрезов, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев.
Уаанӡа Аслан Бжьаниеи Ҟарачы-Черқьесиа ахада Рашид Темрезови еиԥылеит. Аԥсны ахада Темрезови ажәлар зегьи ареспублика ашьаҭаркра 100 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аԥсны
"Жәларык ҳауп": Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиа ареспублика 100 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит